Шьыжь инаркны аиқәырхаратә усурақәа рхы аладырхәоит атәылахьчраатә мчқәа
Шьыжь инаркны аиқәырхаратә усурақәа рхы аладырхәоит атәылахьчраатә мчқәа

Шьыжь инаркны аиқәырхаратә усурақәа рхы аларыхәоит атәылахьчраатә мчқәа.

Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи атәылахьчаратә мчқәа еиҳабы, аинрал-маиор Гьргь Маҭиашвилии аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы иҟоуп.

Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, аус адырулеит апоан ҷыда, уи ала аибашьра-аинџьныртә баталион аруаа аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы  ацҳақәак дыргылоит.

Шови аиқәырхаратә операциа иалагеижьҭеи хымш ҵуеит. Аиқәырхара-аԥшааратә уснагӡатәқәа ирылахәуп амцарцәаҩ-аиқәырхаҩцәа, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра еиуеиԥшым аҟәшақәа русуҩцәа, атәылахьчаратә мчқәа. Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, иацы аҧсабаратә рыцҳара азонашҟа идәықәлеит мрагыларатә мчқәа аибашьра-аинџьныртә баталион, Копитнартәи абазантә – амилаҭтә гвардиа 102-тәи абаталион алахәылацәа.

Шови иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусура хацнаркит ацәаҳәа ҷыда – 598 913 089.

Нанҳәа 7 Қырҭтәылаҿ алахьеиқәҵаратә мшхоит.

Адгьылҳәазара ҟалеит нанҳәа 3 рзы. Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳара иалаӡыз ауаа рхыҧхьаӡара азҳаит  11-ҩык рҟынӡа.