Шьамтәыла анапхгара рдыррақәа рыла, Израиль Дамаск имҩаԥнагаз авиажәылараан иқәхуп Џьамтәыла аконсулра ахыбра, аԥсыҭбарақәагьы иҟоуп
Шьамтәыла анапхгара рдыррақәа рыла, Израиль Дамаск имҩаԥнагаз авиажәылараан иқәхуп Џьамтәыла аконсулра ахыбра, аԥсыҭбарақәагьы иҟоуп

Шьамтәыла анапхгара рдыррақәа рыла, Израиль Дамаск имҩаԥнагаз авиажәылараан иқәхуп Џьамтәыла аконсулра ахыбра, ахәрақәа заузи иҭахази иҟоуп.

ВВС аинформациа ала, иҭахаз иреиуп Џьамтәыла ареволиуциа ахьчаҩҵәа ркорпус аинарл Моҳаммед Реза Заҳеди џьамтәылатәи адипломатцәеи.

Аларҵәара зауз авидеонҵамҭаҿ иубарҭоуп Џьамтәыла ацҳаражәҳәара иазааигәаны иҟаз хыбрақәак рҟынтә алҩа ажәҩанахь шлеиуа.

Шьамтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, израильтәи авианырҵәагақәа Џьамтәыла аконсулра аганахьала ажәылара Голантәи аҳаракырантә мҩаԥыргеит. Шьамтәыла аҳауахьчаратә мчқәа ракетақәак рҭархара рылшеит, аха егьырҭ ахыбра ақәшәеит.