Шьамтәыла администрациа ҿыц ала Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иалхыз Асад Ҳасан Аль-Шибас Доҳа даҭааит, уа уи Катар аԥыза-министр шеих Муҳаммед Бин Абдулраҳман Аль-Тании егьырҭ ачинуааи дырԥылоит.
Ари атәы аанацҳаит агентра “Роитер” ахь катартәи ачинуаҩ ааицҳит.
Шьамтәылатәи аделегациа Доҳашҟа авизит иазкны адырра аланарҵәеит агентра SANA-гьы.
Аделегациа иалоуп Шьамтәыла Атәылахьчара аминистри Аԥшыхәратә маҵзура аиҳаби.
Башар Асад ибналара ашьҭахь, ари Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр раԥхьаӡатәи ивизитуп.