Шьалуа  Папуашвили – Жәларбжьаратәи аиҩызара Урыстәылантә иаауа ашәарҭарақәа ҽакала еилыркааит, уи абзоурала, Қырҭтәыла иахьагьы инагӡо ампыҵахалара аҵыхәҧҵәаразы алшара цәырҵит
Шьалуа  Папуашвили – Жәларбжьаратәи аиҩызара Урыстәылантә иаауа ашәарҭарақәа ҽакала еилыркааит, уи абзоурала, Қырҭтәыла иахьагьы инагӡо ампыҵахалара аҵыхәҧҵәаразы алшара цәырҵит

 «Иахьа аҳәаанырцәтәи аполитикцәа, жәларбжьаратәи ашәарҭадара аганахьала, ҷыдала арегион ашәарҭадара аганахьала  Урыстәылантә иаауа ашәарҭарақәа гәалсрала ирылацәажәоит, ақырҭуа жәлар кыршықәса рыҩныҵҟа уи аҳәара иаҿын, аха, рыгәра ргомызт», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа рфонаҿ адеокупациа азҵааразы адискуссиа ҿыц аартра ахәҭоума ҳәа ианиазҵаа, апарламент ахантәаҩы ишиҳәаз ала, Европеи Мраҭашәареи иаҳа иҟәышхеит, убри аҟынтә, Қырҭтәыла иахьагьы инагӡо ампыҵахалара аҵыхәҧҵәаразы алшара цәырҵит.

«30 шықәса ҵуеит ҳара уи ҳалацәажәоижьҭеи. Иахьа аҳәаанырцәтәи аполитикцәа, жәларбжьаратәи ашәарҭадара аганахьала, ҷыдала арегион ашәарҭадара аганахьала  Урыстәылантә иаауа ашәарҭарақәа гәалсрала ирылацәажәоит, ақырҭуа жәлар кыршықәса рыҩныҵҟа уи аҳәара иаҿын, аха, рыгәра ргомызт. Ашәарҭара Европа аҳәаанӡа инеиаанӡа ҳагәра ргомызт. Урыстәылантә иаауа ашәарҭарақәа ҽакала ирызныҟәо иалагеит,  уи бзиоуп.  Ҳтәыла  20 наӡына даҽа тәылак ала, Урыстәыла ала  импыҵахалоуп.  Жәларбжьаратәи ауаажәларра рпозициа ҿыц абзоурала, Евроеидгыла алаларазы аперспектива ҳауит, НАТО  ҳара ҳзы апрограмма ҷыда еиқәдыршәеит.  Насгьы, Европеи Мраҭашәареи иаҳа иҟәышхеит. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла иахьагьы инагӡо ампыҵахалара аҵыхәҧҵәаразы алшара цәырҵит, аха уи мацара акәӡам ҳара хықәкыс иҳамоу.  Егьи ахықәкы –  ҳареи аҧсуеи ауаҧси  ҳашьцәеи ҳаинаалароуп. Абри аполитикоуп аҵыхтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа  «Ақырҭуа гәахәтәы» имҩаҧырго, абри ауп ҳтәылаҿы жәашықәсатәи аҭынчра зыбзоуроу», — иҳәеит  Папуашвили.