Шьалуа  Папуашвили – Саакашвили иҩызцәа намыс рымазароуп
Шьалуа  Папуашвили – Саакашвили иҩызцәа намыс рымазароуп

Изыкымкәа ишьақәырҕәҕәан Саакашвили аҳақьымцәеи абахҭа администрациеи рҳәатәы шхеимҵо,  иара ихаҭа иқәиргылаз апретензиақәа  ҭызҵаауа  аусеилыргаратә структурақәагьы аус рыциуам, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

«Анализқәа рыҟаҵара изныкымкәа идыргалахьеит, избанзар,  ашҳам ирҭазшәа  рҳәеит, иара ари аинформациа зны мап ацәикит, нас, дақәшаҳаҭхеит.  Ари аинформациаҿы ииашам рацәоуп  — ари азҵаара аобиективла еилыргатәуп,  ирҳәаз шиашоу шьақәдырҕәҕәарцаз анализқәа ҟаҵатәуп.

Саакашвили аҳәаанырцәҟа ииаагара иадҳәаланы аманипулиациа иаҿуп.  Дара еиуеиҧшым аҳәынҭарратә институтқәа раҳаҭыр ладырҟәыр рҭахуп. Агәра ганы сыҟоуп иара идукатцәа, рпрофессионалтә кариераҿы изныкымкәа  Самхараули ихьӡ зху аекспертиза рзы ишадырхәахьаз, ари аекспертиза ашьаҭала иакымкәа аусқәа ишрыхәаҧшхьоу.  Саакашвили иҩызцәа намыс рымазароуп. Раҧхьа иргыланы, иара аҳақьымцәеи апенитенциартә усбарҭеи аус рыциурц ибжьаргароуп», — иҳәеит  Папуашвили.