Шьалуа  Папуашвили Кореиа Амилаҭтә аизараҿ иҟоу Қырҭтәыла аиҩызаратә гәыҧ алахәылацәа дырҧылеит
Шьалуа  Папуашвили Кореиа Амилаҭтә аизараҿ иҟоу Қырҭтәыла аиҩызаратә гәыҧ алахәылацәа дырҧылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа  Папуашвили Кореиа Амилаҭтә аизараҿ иҟоу Қырҭтәыла-Кореиатәи  аиҩызаратә гәыҧ алахәылацәа дырҧылеит.

Апарламент апресс-маҵзура адыррала, аиҧылара алахәылацәа Қырҭтәылеи Кореиеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Ахәшьара бзиа аҭан апарламенттә аҩаӡараҟны аусеицура арҭбаара.

Хшыҩзышьҭра ҷыда азун апроект  Ненскра ГЭС. Ишазгәаҭаз ала, ари апроект қәҿиарала анагӡара ҳаҧхьаҟа ақырҭуа-кореиатәи еизыҟазаашьақәа рырҭбаара иацхраауеит,  кореиатәи аилахәырақәа Қырҭтәыла иаҳа иазҿлымҳахоит, иара убас, уи зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазкны Кореиатәи ареспубликаҟны аиҿцәажәарақәа ралагара иацхраауеит.

Шьалуа  Папуашвили ишиҳәаз ала,  апарламенттә делегациа Кореиатәи ареспублиаҿ рвизит қәҿиарала имҩаҧысуеит. Иара Кореиа ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла апарламент акьыҧхьырҭазы ҳаамҭазтәи ашьақәыргыламҭақәа раахәаразы.