Шьалуа Папуашвили - Ҟавелашвили иахь Дональд Трамп иааишьҭыз адныҳәлара ашьҭахь, ацҳаражәҳәарҭа зҵакы еилкаам аҳәамҭа ҟанацеит, ҳгәы шаанаго ала, уи хықәкыс аман Трамп иҟаиҵаз аацҳамҭа бзиа аҵарӡра
Қырҭтәыла Апарламент Ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа ала, Ҟавелашвили иахь Дональд Трамп иааишьҭыз адныҳәалара ахәшьара ҳарак аиуроуп.
Папуашвили иажәақәа рыла, Америка Ацҳаражәҳәарҭа Аҳәынҭқарра Ахада Трамп ишәҟәы аларҵәара ахьамоуз иџьоушьартә иҟоуп.
«Ҳара астратегиатә ҳпартниор иҟынтәи аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи, аинвестициақәа ралагалареи рганахьала ихырҳагоу аҭагылазаашьа аиҿкаара ҳазыԥшын. Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны Дональд Трамп Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара далацәажәеит. Ҟавелашвили иахь Дональд Трамп иааишьҭыз адныҳәлара ашьҭахь, ацҳаражәҳәарҭа зҵакы еилкаам аҳәамҭа ҟанацеит, ҳгәы шаанаго ала, уи хықәкыс аман Трамп иҟаиҵаз аацҳамҭа бзиа аҵарӡра”, – иҳәеит Папуашвили.