Шьалуа Папуашвили - Ацҳаражәҳәаҩцәа,  аменторцәа ракәӡам,  ртәылақәа рхаҭарнакцәа роуп, атәым тәыла  аҽалагала  аадмырԥшуазар ауп
Шьалуа Папуашвили - Ацҳаражәҳәаҩцәа, аменторцәа ракәӡам, ртәылақәа рхаҭарнакцәа роуп, атәым тәыла аҽалагала аадмырԥшуазар ауп

Аҭынчра арегионалтәии адунеизегьтәи аполитикаҿы зегь реиҳа ихадоу хықәкны иахьаанхо аҟынтә,  аилибакаареи аҭынчреи ршьақәыргыларазы атәымтә ҳпартниорцәа адипломатиа еизыҟазаашьақәа рҿы ихадоу хархәагас еиҭаҟарҵароуп, – иҩит асоциалтә ҳаҿы Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы џьоукы адипломатиа рхы иадырхәоит ииашам ахықәкы анагӡаразы – апроблемақәа рыӡбара ацынхәрас урҭ рырцәгьаразы.

“Аҵыхәтәантәи аамҭазы џьоукы адипломатиа рхы иадырхәоит ииашам ахықәкы анагӡаразы – апроблемақәа рыӡбара ацынхәрас урҭ рырцәгьараз, апропагандазы, аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагаларазы, анапхгара аԥсахразы.

Аполитикатә полиаризациа арцәгьаразы, аидеологиатә хықәкқәа рзы аекстремизм адгыларазы, аиҳабыра ақәырӷәӷәаразы, ареволиуциатә мҩала анапхгара аԥсахразы аккредитациа змоу адипломатцәа иаԥшәымоу атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара аниҭаху, Асовет Еидгыла амаз адәныҟатәи аполитика ихӷәалашәоит.

Қырҭтәыла иҟоу адипломатцәа рзин анеиҳарыртәо, ҳара мҩа заҵәык иаҳзаанхоит – амилаҭтә интересқәа рыхьчара”,- иҩит апарламент ахантәаҩы.

Апарламент ахантәаҩы иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа жәларбжьаратәи аиҿкаашьа шьаҭа́с измоу Венатәи Аконвенциа иаҿагылоуп.

“Ацҳаражәҳәаҩцәа, иаԥшәымоу атәылазы аменторцәа акәымкәа, дара-даар ртәылақәа ирхаҭарнакцәазароуп, атәым аҽалагала иаразнакҵәҟьа аарԥшразы, ақырҭуаа аполитикатә ԥышәа ду рымоуп.

Итурбуленту аҭоурых ари ацыԥҵәахаҿ адипломатиа иахәҭоу аҭыԥ ашҟа архынҳәра, Қырҭтәылазы мацара акәымкә, аҳәаанырцәи ҳпартниорцәеигьы ирнаалоит”, – иҩит Папуашвили.