Серго Чихлаӡе – Аиҿцәажәарақәа ахәбатәи араунд ажьырныҳәа анҵәамҭанӡа имҩаҧысып ҳәа ҳгәыҕуеит
«Аиҿцәажәарақәа ахәбатәи араунд ажьырныҳәа анҵәамҭанӡа имҩаҧысып ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит «Аҕмашенебели истратегиа» алахәыла Серго Чихлаӡе аоппозициеи анапхгаратә гәыҧи реиҿцәажәарақәа данрылацәажәоз.
Иара иажәақәа рыла, аоппозициа анапхгаратә гәыҧ рҟынтә ажәалагалақәа иазыҧшуп.
«Анеҩстәи араунд анымҩаҧысуа цқьа иҳаздырӡом. Ажьырныҳәа анҵәамҭанӡа имҩаҧысып ҳәа ҳгәыҕуеит. «Ақырҭуа гәахәтәы» рҟынтә аконкреттә шьаҿақәеи ажәалагалақәеи ҳазыҧшуп», — иҳәеит Серго Чихлаӡе.