Сергеи Гаидаи - Лугансктәи аокруг адеоккупациа алагеит
Сергеи Гаидаи - Лугансктәи аокруг адеоккупациа алагеит

Украинатәи арбџьрмчқәа Лугансктәи аокруг иаҵанакуа аиланхарҭақәак ааныркылеит. Ари атәы ааицҳаит Лугансктәи арратә аокругтә администрациа анапхгаҩы Сергеи Гаидаи.

Аҭыԥантәи напхгара ахаҭарнак арҭ аоланхарҭақәа рыхьӡқәа имҳәеит.

“Аофициалтә дырра – Лугансктәи аокруг адеоккупациа алагеит. Аиланхарҭақәак урыстәылатәи ар рҟынтә ихақәиҭуп, уа Украина абираҟ хадыргалоит”, – ааицҳаит Гаидаи.