Сенат иалоу ареспубликанцәа рдаҟьаҿы икьыҧхьуп USAID аҧара ззоунашьҭыз апроектқәак рсиа, уаҟа ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла аекологиатә ганахьала ицқьоу атранспорт аҿиара иазоушьҭын 25 миллион адоллар
Сенат иалоу ареспубликанцәа рдаҟьаҿы икьыҧхьуп USAID аҧара ззоунашьҭыз апроектқәак рсиа.
Асиаҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла аекологиатә ганахьала ицқьоу атранспорт аҿиара иазоушьҭын 25 миллион адоллар.
Иара убас, $4,5 миллион иныхын Казахстан адезинформациа аҿагылареи, $20 млн. — Ираҟ ахәыҷтәы ателедырраҭареи азы.
Сенат иалоу ареспубликанцәа рҳәамҭала, егьырҭ апроектқәк инарываргыланы, USAID 20 миллион адоллар алнахит аусеилыргаратә журналистика адгыларазы; 1,1 млн адоллар иныхын Шәамахьтәыла ЛГБТ-гәыҧқәа рыдгыларазы; 1,5 миллион адоллар Куба амедиақәыҧшылара аиҭашьақәыргыларазы; 2,1 миллион адоллар BBC иазоушьҭын Ливиа амедиақәыҧшылара арҕәҕәаразы; 3,9 миллион адоллар Мраҭашәаратә Балканқәа рҿы ЛГБТ апроблемақәа рыӡбаразы.