Саломе Зурабишвили  Владимир Зеленски иахь ааҧхьара ҟалҵеит  - Иахьа Қырҭтәыла, шәара ишәывагыланы, Украина Ахьыҧшымра амш азгәанаҭоит
Саломе Зурабишвили  Владимир Зеленски иахь ааҧхьара ҟалҵеит  - Иахьа Қырҭтәыла, шәара ишәывагыланы, Украина Ахьыҧшымра амш азгәанаҭоит

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили Украина адылныҳәалеит Ахьыҧшымра амш.

Саломе Зурабишвили лвидеоааҧхьараҿы ишылҳәаз ала, иахьа Қырҭтәыла Украина иавагылоуп.

«Ҳаҭыр зқәу ахада, акыр иаҧсоу украинатәи ҳҩызцәа, иахьа, Ахьыҧшымра амш азы, Қырҭтәыла шәара ишәывагылоуп. Қырҭтәыла, шәара ишәывагыланы, шықәсыки еиҳаны шәхы шәамеигӡакәа шәыззықәҧо шәхьыҧшымра азгәанаҭар аҭахуп. Шәиааира амш аҽны ҳшәывагылазаауеит. Ахьыҧшымра амш шәыдысныҳәалоит», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.