Саломе Зурабишвили – Қырҭтәыла Евроеидгыла ахь аинтеграциа апроцесс аҿы аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵара иазыхиоуп
Саломе Зурабишвили – Қырҭтәыла Евроеидгыла ахь аинтеграциа апроцесс аҿы аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵара иазыхиоуп

«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа лабҿаба аадырҧшит Европа азааигәахара апроцесс аҿы апрогресс альтернатива шамам», — илҩит Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили  Twitter аҿы.

«Иахьа, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра инаркны бжьышықәса ҵит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа лабҿаба аадырҧшит Европа азааигәахара апроцесс аҿы апрогресс альтернатива шамам.

Уажәшьҭа Қырҭтәыла Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа апроцесс аҿы аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵара иазыхиоуп», — илҩит Зурабишвили.