Саломе Зурабишвили -  Лиз Трасс аҧыза-министрс лықәыргылара лыдысныҳәалоит, даҽа ҧҳәыс-лидерк лбара сеигәырҕьеит
Саломе Зурабишвили -  Лиз Трасс аҧыза-министрс лықәыргылара лыдысныҳәалоит, даҽа ҧҳәыс-лидерк лбара сеигәырҕьеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили   Лиз Трасс Британиа Ду аҧыза-министрс лықәыргылара лыдылныҳәалеит.

Twitter аҿы Саломе Зурабишвили ишылҩыз ала,  Қырҭтәылеи Британиа Дуи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы аусеицура алагара дахыццакуеит.

«Лиз Трасс Иеиду Аҳра аҧыза-министрс лықәыргылара лыдысныҳәалоит. Ҳконтинент ашәарҭадара аиқәыршәареи атрансатлантикатә партниорра арҕәҕареи азы аус зуа даҽа ҧҳәыс-лидерк лбара сеигәырҕьеит.   Қырҭтәылеи Британиа Дуи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы аусеицура алагара сахыццакуеит», — илҩит  Саломе Зурабишвили.

Лиз Трасс Британиа Ду аҧыза-министрс далырхит. Абжьыҭира алҵшәақәа уажәааны ицәырган  британиатәи Аконсервативтә партиа аизараду аҿы.