Саломе Зурабишвили – Леқсо Ҭораӡе исахьала Қырҭтәыла ақырҭуа дуӡӡа дацәыӡит, амузыка  - апианист дуӡӡа, иҩызцәа  - аҩыза гәакьа дырцәыӡит
Саломе Зурабишвили – Леқсо Ҭораӡе исахьала Қырҭтәыла ақырҭуа дуӡӡа дацәыӡит, амузыка  - апианист дуӡӡа, иҩызцәа  - аҩыза гәакьа дырцәыӡит

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили  еицырдыруа апианист Леқсо Ҭораӡе иҧсра инамаданы адашшылара ҟалҵеит. Саломе Зурабишвили лҳәамҭала,  Қырҭтәыла ақырҭуа дуӡӡа дацәыӡит, амузыка  – апианист дуӡӡа, иҩызцәа  – аҩыза гәакьа дырцәыӡит.

«Леқсои сареи 40 шықәса раҧхьа Ниу-Иорк ҳаибадырит… Иара  —  демигрант «ҿыцын»,  сара  —   «ажәытә» емигрант ихылҵ сакәын, ҳара кыраамҭа ари азҵаареи Қырҭтәылеи ҳалацәажәон.  Иара  — агәырҵҟәыл ду злоу амузыкант, сара  —  адипломат қәыҧш… Убри анеҩс, лассы-лассы ҳаиҧыломызт,  аха, иансылшоз иконцертқәа бжьасыжьуамызт.  Ҳанеиҧылоз, еснагь аҩызцәа гәакьацәа реиҧш ҳаиҧылон.  Қырҭтәыла ақырҭуа дуӡӡа дацәыӡит, музыка — апианист дуӡӡа, иҩызцәа  — аҩыза гәакьа дырцәыӡит», — илҩит Саломе Зурабишвили  Facebook адаҟьаҿы.

Апианист Леқсо Ҭораӡе  69 шықәса шихыҵуаз иҧсҭазаара далҵит. Апианист Америка дынхон.