Саломе Зурабишвили – Ҳолокост агәымбылџьбара шаҳгәалашәогьы,  21-тәи ашәышықәсазы ауаа, уезгьы, рхадаратә зинқәа рыламкьысла аҟынтә ахьчам
Саломе Зурабишвили – Ҳолокост агәымбылџьбара шаҳгәалашәогьы,  21-тәи ашәышықәсазы ауаа, уезгьы, рхадаратә зинқәа рыламкьысла аҟынтә ахьчам

«Иахьатәи амш ауааҧсыра зегьы агәҽанҵара рнаҭоит  Ҳолокост иеиҧшу арыцҳара ду зхылҵыр зылшо   антигуманитартә хәыцшьа ахаангьы иазымхынҳәырц», —  илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.

Атәыла ахада ишазгәалҭаз ала,  21-тәи ашәышықәсазы ауаа рхадаратә зинқәа рыламкьысла аҟынтә ахьчам.

«Ҳолокост иалаӡыз ауаа ргәаларшәара жәларбжьаратәи амш азы ҳара ари арыцҳара иалаӡыз, акгьы зхарамыз миллионла ауааҧсыра ҳгәалаҳаршәоит. Иахьа ҳара Ҳолокост ацәгьаура аарҧшра ашьҭахь ауаа ирызцәырҵыз ахьааи аҧхашьареи ацәанырра еиҭаҳазцәырҵит.

Ҳолокост агәымбылџьбара шаҳгәалашәогьы,  21-тәи ашәышықәсазы, аибашьрақәеи аидеологиатәи аҳәатәеиәқымшәареи рымшала,  ауаа, уезгьы, рхадаратә зинқәа рыламкьысла аҟынтә ахьчам.

 Иахьатәи амш ауааҧсыра зегьы агәҽанҵара рнаҭоит  Ҳолокост иеиҧшу арыцҳара ду зхылҵыр зылшо   антигуманитартә хәыцшьа ахаангьы иазымхынҳәырц», — илҳәеит Саломе  Зурабишвили.