Иракли Ӷарибашвили -Иахьа жәларбжьаратәи ауаажәлара зегьы Ҳолокост иалаӡыз миллионла ауааԥсыра ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит
Иракли Ӷарибашвили -Иахьа жәларбжьаратәи ауаажәлара зегьы Ҳолокост иалаӡыз миллионла ауааԥсыра ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит

Иахьа жәларбжьаратәи ауаажәлара зегьы Ҳолокост иалаӡыз миллионла ауааԥсыра ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит, -иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ.

Аԥыза ҷыдала дрыхцәажәеит ауаатәыҩса рҭоурых аҿы арыцҳара дуӡӡа аан еиқәхаз ауаа.

„Иахьа жәларбжьаратәи ауаажәлара зегьы Ҳолокост иалаӡыз миллионла ауааԥсыра ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит.

Ҷыдала пату рықәысҵар сҭахуп ауаатәыҩсара рҭоурых аҿы арыцҳара дуӡӡа аан еиқәхаз ауаа.

Ари аҽны ҳҭакԥхықәра даҽазнык шьақәҳарӷәӷәоит абри аҩыза ацәгьара уаҳа хаан иашыҟамло, аҭынчреи аилибакаареи ҳшадгыло”, – иануп аԥыза-министр иҳәамҭаҿ.