Саломе Зурабишвили Буба Кикабиӡе иҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟалҵеит
Саломе Зурабишвили Буба Кикабиӡе иҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟалҵеит

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили Вахтанг (Буба) Кикабиӡе иҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟалҵеит.

«Ақырҭуа культура еицырдыруа  аусзуҩ  Буба Кикабиӡе иҧсра даараӡа сгәы иалсит.

Иара ирҿиамҭақәа  иҿынҵәааҩцәа ргәаҿы ашьаҭа ҷыда аанрыжьит. Иҭаацәареи, иуацәеи, иҩызцәеи срыдашшылоит», — илҩит Зурабишвили асоциалтә аҳаҿы.

Ашәаҳәаҩ, акиноактиор, арежиссиор, асценарист,  Қырҭтәыла жәлартә артист  Вахтанг (Буба) Кикабиӡе  84 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит.