Саломе Зурабишвили аиҧыларақәа мҩаҧылгеит
Саломе Зурабишвили аиҧыларақәа мҩаҧылгеит

Иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили аиҧыларақәа мҩаҧылгеит.

Атәыла ахада  Facebook лдаҟьаҿы ишазгәаҭоу ала, Саломе Зурабишвили аиустициа аминистр  Рати Брегаӡе диҧылеит.  Иахьа атәыла ахада лыбжьагаҩ атәыла ахада иқәлыргылаз Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Ҭамар Гвамичава дылҧылеит.

Қырҭтәыла ахада Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцели Америка ацҳаражәҳәаҩ лхаҭыҧуаҩ Раиан Ҳаркери дырҧылеит.

Иара убас, иахьа Саломе Зурабишвили Акатоликос-Патриарх Илиа II диҧылеит.