Саломе Зурабишвили адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит - Амилаҭтә аиқәшаҳаҭра ажәлар рҿы иҿыхеит, аха шәа шәҿы ари макьана избом
Саломе Зурабишвили адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит - Амилаҭтә аиқәшаҳаҭра ажәлар рҿы иҿыхеит, аха шәа шәҿы ари макьана избом

Иахьа Украина мацара акәым, адунеи зегь азы аамҭа цәгьа ааит, Украина аиаара агара макьана алымшеит, аха ақәҿиара аиухьеит, адунеи иҿыхеит, ахҭысқәа даҽакала рыхәаԥшуа алагеит, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили апарламент аҿы есышықәсатәи аҳасабырбала даныҟәгылоз.

“Украина иабзоуроуп аперцедент змам жәларбжьаратәи аидгылара, акзаара ахьыҟоу. Украина иабзоуроуп Евроеидгыла акзаареи аӷәӷәахареи, Америкеи Европеи еидгыланы аҭагылазаашьа ахылаԥшра иахьаҿу. Украина иабзоуроуп Урыстәыла иахьа аизолиациаҿ ахьыҟоу, Украина иабзоуроуп иԥсыҽу Урыстәыла.

Иахьа аиҭакратә моментуп, адунеит Қырҭтәылеи рзы. Адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ҳазхәыцроуп, еилаҳкаароуп, ҳҽазыҟаҳҵароуп, акгьы ҟамҵакуа аԥеиԥш бзиа ҳазыԥшырц ҳалшом.  Ари азин ҳамаӡам. Иахьа иҳалшо зегь ҟаҳамҵар, аамҭа ахынҳәра ҳалшом!

Иахьа аимакқәеи аиӷарареи ираамҭам. Аиҿагылареи аполиаризациа ахынҳәреи рцынхәрас, абра еизаз ауаа ирхашҭит Амч акзаараҿ ишыҟоу!

Амилаҭтә аиқәшаҳаҭра ажәлар рҿы иҿыхеит, аха шәа шәҿы ари макьана избом! Аҭакԥхықәра ду шәымоуп, ари шәхашәмыршҭын,” – илҳәеит Саломе Зурабишвили.