Сҭампыл Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа ахҧатәи араунд мҩаҧысуеит.
„Иахьа Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа аиҿцәажәарақәа раан Украина ахаҭарнакцәа еиҭах аҳәара иқәдыргылеит зыҧшра ҟамҵакәа амца аанкыларазы“, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски.
Еиуеиҧшым амедиахархәагақәа рдыррақәа рыла, амца аанкылара иазку аҳәара инаваргыланы, украинатәи аган аҩ-тәылак рлидерцәа реиҧылара азҵаарагьы ақәыргылара ргәы иҭоуп.