Сҭамԥылтәи еиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украинеи Урыстәылеи атҟәацәа еиҭнырыԥсахит
Сҭамԥылтәи еиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украинеи Урыстәылеи атҟәацәа еиҭнырыԥсахит. Украина ашҟа ихынҳәит ихәыз, иара убас згәабзиара ашәарҭа иҭагылоу ахаҿқәа.
“Сҭамԥылтәи еиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳажәлар рырхынҳәра наҳагӡоит. Иахьа хыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоу иәыз аруаа атҟәара аҟынтә рырхынҳәра актәи аетап иалагеит. Урҭ рыззегьы зыԥшра ҟамҵакәа амедицинатә цхыраара рзаарԥштәуп. Ари ихадароу агәыҳаларатә актуп. Аиҭныԥсахлара нагӡахароуп”, – иҩит Зеленски асоциалтә ҳаҿы.
Украинеи Урыстәыла атҟәацәа иацгьы еиҭнырыԥсахит, иацы Украина ашҟа ихынҳәит 25 шықәсанза зхыҵуаз арратә маҵзуҩцәа.