Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧысуаз акциаан ҧшьҩык аполицаицәа аахақәа роуит
Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧысуаз акциаан ҧшьҩык аполицаицәа аахақәа роуит

Иаха Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧысуаз акциаан ҧшьҩык аполицаицәа аахақәа роуит.

Азинхьчаҩцәа аахақәа шроуз атәы шьақәдырҕәҕәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы. Аминистрраҿы ишырҳәаз ала рыҧшьҩыкгьы аҩны рҽырыхәшәтәуеит.

Русҭавели имҩадуаҿ еизаз ауааҧсыра  „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект иадҳәаланы апротест ҟарҵон. Акциаан азинхьчаҩцәеи адемонстрантцәеи аамҭа-аамҭала аимак рыбжьалон.