Русҭавели имҩадуаҿ  «Амилаҭтә ҵысра» еиҿыркааз акциа мҩаҧысуеит
Русҭавели имҩадуаҿ  «Амилаҭтә ҵысра» еиҿыркааз акциа мҩаҧысуеит

Қарҭ, Русҭавели имҩадуаҿ, апарламент ахыбра аҧхьа, апартиа «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа еиҿыркааз акциа мҩаҧысуеит.

Амитинг ааиртит  «Амилаҭтә ҵысра» иалахәы  Иракли Павленишвили.

Акциа аиҿкааҩцәа әҳәамҭала, Қырҭтәыла аҧеиҧш Европа иадҳәалоуп. Иара убас, акциа алахәылацәа, аиҳабыра рамхреи,  Михаил Саакашвилии, Ника Гварамиеи,  Лазаре Григориадиси рхақәиҭтәра иаҳәоит.

Амитинг аҿы иҟоуп еиуеиҧшым аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәа.

Апарламент аҧхьа амҩаду иаркуп.