Румынтәыла Апатриарх  - Илиа аҩбатәи ҳаамҭазтәи аиашахаҵара иалукааша хаҿын, ҕәҕәала адинхаҵара дақәныҟәон, наӡаӡа хашҭра иқымзааит 
Румынтәыла Апатриарх  - Илиа аҩбатәи ҳаамҭазтәи аиашахаҵара иалукааша хаҿын, ҕәҕәала адинхаҵара дақәныҟәон, наӡаӡа хашҭра иқымзааит 

Румынтәыла Апатриарх Даниел Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх иҧсра инамаданы адашшыларатә шәҟәы алаирҵәеит.

„Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх, гәыкала бзиа иаабоз ҳашьа Илиа аҩбатәи иҧсра иазку адырра ахьаа ҕәҕәа ҳазцәырнагеит. Илиа аҩбатәи ҳаамҭазтәи аиашахаҵара иалукааша хаҿын, ҕәҕәала адинхаҵара дақәныҟәон,  ауадаҩрақәа раангьы аиҭаҿиара аангьы иҟәышра ихы иархәаны, Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәама анапхгара азиуан. Румынтәыла аиашахаҵаратә уахәамеи, адоуҳатә хаҿқәеи, адинхаҵаҩцәеи рыхьӡала, Асинод цқьа алахәылацәеи Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәамеи ҳрыдашшылоит. Наӡаӡа хашҭра иқымзааит!“ – иануп ашәҟәы аҟны. Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәи   93 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 17 рзы иҧсҭазаара далҵит.