Румынтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Аколлегацәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит апартниор тәылақәа иаҳа ирыдгыларц, ҷыдала Молдовеи Қырҭтәылеи  
Румынтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  - Аколлегацәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит апартниор тәылақәа иаҳа ирыдгыларц, ҷыдала Молдовеи Қырҭтәылеи  

 

«Аколлегацәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит апартниор тәылақәа иаҳа ирыдгыларц, ҷыдала Молдовеи Қырҭтәылеи», — иҳәеит Румынтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр  Богдан Ауреску НАТО аминистериал ҷыда иалагаанӡа.

«Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа иахьа иаамҭаны еиҧылоит, Румынтәыла иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы амоуп абри азҵаара  — урыстәылатәи агрессиазы НАТО иҟанаҵо аҭак, иара убас, мрагыларатә афланг аҿы аанкылареи ахыхьчареи азы аконсолидациеи. Румынтәыла аибашьратә гәыҧқәа реиҿкаара апроцесс ирластәуп, ари апроцесс Франциа анапхгарала имҩаҧысуеит», — иҳәеит  Ауреску.

Богдан Ауреску ишазгәеиҭаз ала, НАТО ахатә философиеи аинфраструктуреи еиҭахәаҧшроуп, избанзар, иахьа аҭагылазаашьа аҽаҧсахит.

«Ҳара ҳпозициа уажәтәи алабҿабара иашьашәалазароуп, аурыс арбџьармчқәа Украинеи Беларуси игылоуп», — иҳәеит Ауреску.