Румыниа ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит. Алхырҭақәа асааҭ 07:00 инаркны асааҭ 21:00 рҟынӡа аартуп. Алхрақәа рхы аладырхәоит 11-ҩык акандидатцәа.
Ажәлар ргәаанагара аҭҵаара инақәыршәаны, алхрақәа рҿы аԥхьагылара имоуп аоппозициатә партиа (AUR) „Румынаа ракзаара алианс“ алидер Џьорџь Симион.
Румыниа ахада иалхрақәа 2024 шықәса абҵаразы мҩаԥган. Усҟан аиааира игеит арӷьаратәи акандидат Калин Џьоџьеску, аха Румыниа аконституциатә аӡбарҭа ахада иалхрақәа рылҵшәақәа аԥгахит. Алхрақәа рылҵшәақәа раԥыхра Урыстәыла алхрақәа рнырра шьақәзырӷәӷәоз аԥшыхәратә документ иадҳәалан.