Руaль Ҳыџьымбa Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ диҧылеит
Импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто aхaдa Руaль Ҳыџьымбa Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ диҧылеит. Абри атәы ааицҳаит импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Муҳаммад Кьылба.
Муҳаммад Кьылба иҳәамҭала, де-фaкто ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви ирыхцәажәеит Аԥсны ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи уи наҟ-наҟ аҭышәныртәаларазы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәеи.
“Рауль Ҳаџьымбеи Рашид Нургалиеви ишьақәдыргылеит уажәтәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи ауаа реиҿагылара алмыршаразы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа рсиа”, – иҳәеит импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы.
Ажьырныҳәа 10 рзы импыҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны “ахада иалхрақәа” реиҭамҩаԥгаразы аӡбара аднакылеит. Де-фaкто Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа цәыббра 20 рзы имҩаԥысыз импыҵaхaлоу Аԥсны де-фaкто “ахада иалхрақәа” аҩбатәи ртур алҵшәақәеи аӡбарҭа актәи аинстанциа аӡбареи закәаным ҳәа иазханаҵеит.