Аҧсны асепаратисттә напхгара ринформациа ала, Пицунда Алеқсандр Лукашенкои Аслан Бжьаниеи еиҧылеит
Аҧсны асепаратисттә напхгара ринформациа ала, Пицунда Алеқсандр Лукашенкои Аслан Бжьаниеи еиҧылеит

Импыҵахалоу Аҧсны, Пицунда ақалақьаҿ, Беларус ахада Алеқсандр Лукашенкои Аҧсны де-факто ахада Аслан Бжьаниеи реиҧылара мҩаҧысит.

Аҧсны асепаратисттә напхгара ринформациа ала, аиҧылраҿы Аслан Бжьаниа ишазгәеиҭаз ала, 1996 шықәсазы, Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла иалоу атәылақәа рхадацәа реиҧылараҿы, Лукашенко иоуп  аибашьра ашьҭахь Аҧсны аекономикатә блокада азура иақәшаҳаҭымхаз.

Аиҧылараҿы Лукашенко ишиҳәаз ала, иацы Путини иареи Аҧсны азҵаара иалацәажәон, алидерцәа рҩыџьагьы иаҵшьны иазгәарҭеит Аҧсны амацара ааныжьра шыҟамло.

«Ишәҭыкакаҷу абри атәылаҿы ауаа ишақәнагоу еиҧш инхаларцаз ацхыраара шәыҭатәуп», — иҳәеит Лукашенко,  иара ишазгәеиҭаз ала,  «Урыстәыла Аҧсны ацхраара иазыхиоуп».

Иара убас,  Лукашенко ишиҳәаз ала, Аҧсны инеира иарбанызаалак аконкреттә ҭагылазаашьак иадҳәалам.

«Ҳара ҳҿы аҭагылазаашьа цәгьам. Шәара шәеиҧшҵәҟьа, ҳаргьы аҭынчра бзиа аабоит, ҳгәы ҳалалуп, ҳәоуеиқәшәарала анхаара  ҳазыразуп», — иҳәеит Лукашенко, иара  «аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра иадҳәалоу азҵарақәа рылацәажәара» аинициатива цәыригеит.