Андриус  Калиндра - Литва  Лукашенко изакәантәу  ахадас дазханаҵом
Андриус  Калиндра - Литва  Лукашенко изакәантәу  ахадас дазханаҵом

Қырҭтәыла иҟоу Литва ацҳаражҳәаҩ  Андриус  Калиндра иҳәамҭала, Литва  Алеқсандр Лукашенко  импыҵахалоу Аҧсны  «ивизит» иақәыӡбоит.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла,  зыӡбахәы ҳәоу авизит алагьы иубарҭоуп Беларусь, Урыстәыла иадгыланы, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи пату шақәнамҵо.

«Лукашенко Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи еилеигеит, ари афакт даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Беларусь, Урыстәыла иадгыланы, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи пату шақәнамҵо. Қырҭтәыла аҩныҵҟагьы, Литвеи, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ари авизит иаахҵәаны иақәыӡбит.  Литва Лукашенко изакәантәу ахадас дазханаҵом», — иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.