Инал Арӡынба  - Аҧсны амобилизациа рылаҳәам, аха, Украинаҟа ицо ахалагәаҧхаҩцәа рхыҧхьаӡара ацлара иаҿуп
Инал Арӡынба  - Аҧсны амобилизациа рылаҳәам, аха, Украинаҟа ицо ахалагәаҧхаҩцәа рхыҧхьаӡара ацлара иаҿуп

Импыҵахалоу Аҧсны де-факто адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба  ишиҳәаз ала,  Аҧсны амобилизациа рылаҳәам, аха, Украинаҟа ицо ахалагәаҧхаҩцәа рхыҧхьаӡара ацлара иаҿуп.

Арӡыбна ари аҳәамҭа ҟаиҵеит урыстәылатәи агентра РИА Новости аинтервиу аҿы.

«Ҳара ҳҿы амобилизациа иҟам. Аха,  иаҵшьын иазгәасҭар сҭахуп,  аҧсуа ахалагәаҧхаҩцәа  2014 шықәса инаркны абџьар шьҭыхны, Донбасс ахақәиҭра иазықәҧоит,  урҭ рхыҧхьаӡара ацлара иаҿуп. Уи хымҧада иазгәаҭатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Рыцҳарас иҟалаз,  ҳаргьы ацәыӡ ҳамоуп», — иҳәеит  Арӡынба.