"Роитер" аинформациа ала, укаринатәи аган Запорожиетәи атомтә станциа ааигәара иҟоу Енергодар ақалақь аганахьала ажәыларақәа мҩаԥнагеит
"Роитер" аинформациа ала, укаринатәи аган Запорожиетәи атомтә станциа ааигәара иҟоу Енергодар ақалақь аганахьала ажәыларақәа мҩаԥнагеит

“Роитер” аинформациа ала, укаринатәи аган Запорожиетәи атомтә станциа ааигәара иҟоу Енергодар ақалақь аганахьала ажәыларақәа мҩаԥнагеит.

Украина арбџьармчқәа рыштаб хада аинформациа ала, Херсони Енергодари ақалақьқәа ирзааигәоу аҵакырадгьылқәа рҿы Украина арбџьармчқәа ржәылара иабзоураны аӷа итәыз артиллериатә системақәа хԥа иқәхуп.

Аштаб хада аҟынтә ишаарыцҳаз, иара убас иқәхуп аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, аликвидациа рзууп жәаҩыла аурс аруаа.