Робин Данниган – Ашықәс ҿыц ааигәахеит, сара ақырҭуаа зегьы даҽазнык ирыдысныҳәалар сҭахуп ақәҿиара ду  - Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиура
Робин Данниган – Ашықәс ҿыц ааигәахеит, сара ақырҭуаа зегьы даҽазнык ирыдысныҳәалар сҭахуп ақәҿиара ду  - Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиура

Қарҭ иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рыхьӡала, ақырҭуаа зегьы агәабзиареи, аныҳәамшқәа гәырҕьарала рымҩаҧгареи рзеиҕьасшьоит,  —  илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Робин Данниган ашықәсҿыцтәи авидеоааҧхьараҿы.

Адипломат ишылҳәаз ала, Америка наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла иадгылазаауеит.

«Ҳара, ацҳаражәҳәарҭаҿ аус зуа америкауаа, насыҧ ҳамазаарын, абри атәыла ссир аҿы анхара алшара ҳауит.  Қырҭтәыла акультура дуи, атрадициақәеи, асасдкылареи ахә ҳшьоит, абраҟа здаҟам ауаа инхоит.  Ашықәс ҿыц ааигәахеит, сара ақырҭуаа зегьы даҽазнык ишәыдысныҳәалар сҭахуп сынтәа ишәоуз ақәҿиара ду  – Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиура. Америка,  евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла адгыларазы еицымҩаҧаагаз аусура иақәгәырҕьоит.  Америка наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла иадгылазаауеит. Ҳазҭагыло ашықәс азы аразҟы бзиеи, абзиабареи, агәабзиареи шәзеиҕьасшьоит», — илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.