Роберт Фицо лаҵара  9 рзы Москва имҩаҧысуа Аиааира апарад ихы алаирхәоит
Роберт Фицо лаҵара  9 рзы Москва имҩаҧысуа Аиааира апарад ихы алаирхәоит

Словакиа аҧыза-министр Роберт Фицо иҳәамҭала, иара лаҵара  9 рзы Москва имҩаҧысуа Аиааира апарад ихы алаирхәоит.

Иара асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟынтә ааҧхьара иоуит.

«Словакиа аиҳабыра, ҧасеиҧш, аҭынхеи афашизм иаҿагылаз ақәҧареи, Аҩбатәи адунеитә еибашьреи, уи аҿы Ар ҟаҧшь ароли  иазку аҭоурыхтә аиашареи иазгәыкуп», — иҩит Словакиа аҧыза-министр.

Роберт Фицо изныкымкәа Урыстәыла адгыларатә аҳәамҭақәа ҟаиҵахьеит. Лымкаала, иара ишиҳәаз ала, Украина имҩаҧысуа аибашьра компромиссла ихыркәшатәуп. Иара Словакиа аҧыза-министрс даныҟарҵа, аргама иааицҳаит Украина арратә цхыраара аҭара дшаҟәыҵуа.