Роберт Фицо – Асанкциақәа рышьақәыргылара ала Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара иарбанзаалак аҽазкра ҳара ҳзы ацәаҳәа ҟаҧшьуп
«Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа обиективла ахәшьара рыҭаразы ааҧхьара ҟаҳҵоит. Асанкциақәа рышьақәыргылара ала Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара иарбанзаалак аҽазкра ҳара ҳзы ацәаҳәа ҟаҧшьуп», — иҳәеит Словакиа аҧыза-министр Роберт Фицо.
Фицо ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Европатәи ахеилак ахада Антониу Кошто ҭелла даниацәажәоз.
Иара убас, Фицо ишиҳәаз ала, Словакиа Евроеидгыла арҭбаара иадгылоит. Иара иажәақәа рыла, Сербиа адгылара ҷыда ахәҭоуп, избанзар, ари атәыла азакәандаратә миграциа иаҿагыло ақәҧараҿы ароль хада нанагӡоит.