Римтәи папас америкатәи Роберт Превост далырхит
Римтәи папас америкатәи Роберт Превост далырхит

Римтәи папас америкатәи Роберт Превост далырхит. Акатоликтә уахәама аҭоурыз аҿы раԥхьаӡа Римтәи папас америкатәи акардинал далхуп.

Иахьа хәылбыҽхан Сикстатәи капелла ахыб аҟынтә алҩа шкәакәа ҭыҵит, Папа ҿыц ихьӡ сааҭк ала еилкаахоит.

Акардиналцәа пантифик ԥшьрыундк рышьҭахь далырхит. Аконклав 70 тәылақәа рҟынтә 133-ҩык акардиналцәа иалоуп, урҭ рықәра 80 шықәса еиҳам.

Римтәи папа иалхра апроцедура имаӡоуп. Аконклав алагара ашьҭахь акардиналцәа Ватикан анҭыҵ иарбанзаалак аимадара зин рымамызт.

Мшаԥы 21 рзы Римтәи папа Франциск 88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.