Римтәи папа ажәлар рҿаԥхьа дцәырҵит, уи ахьӡ ирҭеит Лео XIV
Римтәи папа ажәлар рҿаԥхьа дцәырҵит, уи ахьӡ ирҭеит Лео XIV

Акардинал Роберт Франц Превост Римтәи папас иалхра ашьҭахь ажәлар рҿаԥхьа раԥхьаӡа дцәырҵит, уи Пиотр ацқьа ишҭаҿ еизаз ауаа рҿаԥхьа дықәгылеит.

Римтәи папа ҿыц ахьӡ ирҭеит Лео XIV.

Римтәи папас 69 шықәса зхыҵуа америкатә кардинал Роберт Превост далырхит. Акатоликтә уахәама аҭоурыз аҿы раԥхьаӡа Римтәи папас америкатәи акардинал далхуп.

Иахьа хәылбыҽхан Сикстатәи капелла ахыб аҟынтә алҩа шкәакәа ҭыҵит, Папа ҿыц ихьӡ сааҭк ала еилкаахоит.

Акардиналцәа пантифик ԥшьрыундк рышьҭахь далырхит. Аконклав 70 тәылақәа рҟынтә 133-ҩык акардиналцәа иалоуп, урҭ рықәра 80 шықәса еиҳам.

Римтәи папа иалхра апроцедура имаӡоуп. Аконклав алагара ашьҭахь акардиналцәа Ватикан анҭыҵ иарбанзаалак аимадара зин рымамызт.

Мшаԥы 21 рзы Римтәи папа Франциск 88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.