Reuters - Си Ӡинпин анеҩстәи амчыбжь азы Индиа имҩаҧысуа  G20 асаммит ихы алаирхәом
Reuters - Си Ӡинпин анеҩстәи амчыбжь азы Индиа имҩаҧысуа  G20 асаммит ихы алаирхәом

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, китаитәи алидер Си Ӡинпин анеҩстәи амчыбжь азы Индиа имҩаҧысуа G20 асаммит ихы алаирхәом. Ари атәы аанацҳаит агентра Reuters.

Адипломатцәеи еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рлидерцәеи агентра азаарыцҳаит Китаи ахьӡала асаммит ихы шалаирхәо аҧыза-министр  Ли Циан.  G20 алидерцәа реиҧылара мҩаҧысуеит  Ниу-Дели, цәыббра   9-10 рзы.

G20 асаммит Америкеи Китаии рлидерцәа реиҧыларазы алшарас иахәаҧшуан. Зыӡбахәы ҳәоу алидерцәа аҵыхәтәаны еиҧылеит ҵыҧх абҵаразы, Бали имҩаҧгаз  G20 асаммитаҿ.

Урыстәыла ахадагьы ааицҳаит  Ниу-Дели имҩаҧысраны иҟоу аиҧыларашҟа дшымнеиуа, асаммитаҿ Урыстәыла дахаҭарнакхоит адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.