Reuters - Пакистан аинформациала, Индиа имҩаԥнагаз ажәылараан ааҩык ҭахеит, Пунџьаби апровинциаҿ аҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәоуп
Reuters - Пакистан аинформациала, Индиа имҩаԥнагаз ажәылараан ааҩык ҭахеит, Пунџьаби апровинциаҿ аҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәоуп

Reuters ишанацаз ала, Пакистан аинформациала, Индиа имҩаԥнагаз ажәылараан ааҩык ҭахеит, 26-ҩык ахәрақәа роуит.

Пакистан арратә мчқәа рхаҭарнак Аҳмед Шариф Чоудри ишааицҳаз ала, иҭахаз иреиуп ахәыҷқәа, ҩыџьа хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Reuters  аинформациала,  Пунџьаби апровинциаҿ аҭагылазаашьа ҷыда рылаҳәоуп.

Аинформациатә агентра ишаанацҳаз, апровинциаҿ иҟоу ахәышәтәырҭақәеи ашәарҭадаратә мчқәеи рҿы азыхиазаара иреиҳаӡоу аҩаӡара рылаҳәоуп.

CNN ишаанацҳаз ала, аԥжәарабжьы гоит Индиа анапаҵаҟа иҟоу Кашмиртәи арегион Сринагар ақалақь аҿы.

Индиа Пакистан азы аракетатә жәылара мҩаԥнагеит.