Реџьеп Таип Ердоҕан  апрезиденттә ҭоуба шьҭеиҵеит
Реџьеп Таип Ердоҕан  апрезиденттә ҭоуба шьҭеиҵеит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан апрезиденттә ҭоуба шьҭеиҵеит. Ацеремониа мҩаҧган Ҭырқәтәыла Иреиҳаӡоу амилаҭтә аизараҿы. Ердоҕан апрезиденттә мандат иоуит Ҭырқәтәыла Иреиҳаӡоу амилаҭтә аизара ахантәаҩы  Девлет Бахчели иҟынтәи. Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь ахада Ердоҕан хәышықәсатәи ипрезиденттә аҿҳәара иалагеит.

Аҭоубашьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит 78 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә асас дахьқәа,  21 ҳәынҭқаррақәа рхадацәеи, 13 ҳәынҭқаррақәа рҧыза-министрцәеи, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи, аҭырқәа ҳәынҭқаррақәа реиҿкаарақәагьы инрылаҵаны, иара убас, НАТОи Исламтәи аусеицура аиҿкаареи ахаҭарнакцәеи.