Реџьеп Таип Ердоӷан мраҭашәара Урыстәыла аганахьала апровокациақәа шьаҭас измоу аполитика амҩаԥгара ахараиҵоит
Реџьеп Таип Ердоӷан мраҭашәара Урыстәыла аганахьала апровокациақәа шьаҭас измоу аполитика амҩаԥгара ахараиҵоит

Реџьеп Таип Ердоӷан мраҭашәара Урыстәыла аганахьала апровокациақәа шьаҭас измоу аполитика амҩаԥгара ахараиҵоит. Ҭырқәтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ари атәы Ҭырқәтәыла ахада Белград, Сербиа ахадеи иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы иазгәеиҭеит.

Ердоӷан иажәақәа рыла, Урыстәыла-Украинатәи аибашьра макьана ихыркәшахом.

Ҭырқәтәыла ахада, Урыстәылеи Украинеи ирыбжьоу аимак аҭыԥқәҵара апроцесс Анкара аҽалархәра шазыхиоу даҽазнык шьақәирӷәӷәеит.