Рашәара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа ран ааха зауз Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы ахәышәтәырҭа дҭыҵит
Рашәара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа ран ааха зауз Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы ахәышәтәырҭа дҭыҵит

Рашәара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа ран ааха зауз Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы Илиа Ҭвалиашвили ахәышәтәырҭа дҭыҵит. Иара хар имамкәа дыҟоуп, аҩны аҽыхәышәтәра наигӡоит.

Ҭвалиашвили иблақәеи ихи рҿы аахақәа иоуит.

«Жәаҩык раҟара исақәҧон, сыҧсы маҷхеит. Сыбла ааха аиуит. Ҩымчыбжь аҭаххоит сыбла аасыртырц, аха, ахәышәтәра апроцесс иҵегьы кыраамҭа инагӡахоит. Аҳақьымцәа ишырҳәаз ала, аблабара аганахьала апроблемақәа соуӡом», — иҳәеит Ҭвалиашвили.