Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналистцәа рзы амчылара иақәыӡбоит, иахьа  аахақәа иоуит Ауаажәларратә дырраҭара аҭыхҩы Илиа Ҭвалишвили
Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналистцәа рзы амчылара иақәыӡбоит, иахьа  аахақәа иоуит Ауаажәларратә дырраҭара аҭыхҩы Илиа Ҭвалишвили

«Ҭбилиси праид» иаҿагылоу ауааҧсыра иахьа Русҭавели имҩаду аҿы ажурналистцәа ирықәланы, раҳаҭыр ладырҟәо,  амч рхы иадырхәит, абри зегьы амшала аахақәа иоуит Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы Илиа Ҭвалишвили.   Уажәазы иара ахәышәтәырҭа дҭоуп, аҭыҧаҿы аус зуа егьырҭ аҭыхратә гәыҧқәагьы ирышьҭацаланы, ахьымӡҕ ддыргоит.

Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭара аппаратура ҧхасҭоуп. Аидыслара ахьыҟалаз аҭыҧ аҟынтә ажурналистцәа алыргеит апатрультә полициа амашьынала.

Акциаҿы егьырҭ ателееилахәырақәа рҭыхратә гәыҧқәагьы аахақәа роуит.

Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналистцәа рзы амчылареи рзанааҭтә усураҿы рҧырхагахареи  иақәыӡбоит.

Қырҭтәыла Актәи аканал азинхьчаратә органқәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит зыӡбахәы ҳәоу афактқәа зегьы излауа ала ирласны еилдыргарц,  насгьы,  АИХ шәарҭада аусура рылшаратәы, иашьашәалоу аҭагылазаашьақәа рзеиқәдыршәарц.