Рашәара 14, Украина, ақалақь Кривои-Риг алахьеиқәҵаратә мшуп
Рашәара 14, Украина, ақалақь Кривои-Риг алахьеиқәҵаратә мшуп

Днепропетровсктәи аобласт, Кривои -Риг ақалақь аганахьала Урыстәыла имҩаԥнагаз ажәылараан жәаҩык ҭахеит, 28-ҩык ахәрақәа роуит.

Ақалақь Кривои-Риг атәылахьчаратә хеилак ахантәаҩы Александр Вилькуль ишааицҳаз, рашәара 14  ақалақь аҿы алахьеиқәҵаратә мшуп.

Аҭыԥ аҿы инагӡоит аиҩқәрхаратә операциа. Аилаҳақәа рыҵаҟа тәылауаҩк дыҟоуп.

Иахьа, ашьыжь шаанӡа, аурысцәа Кривои-Рог ақалақь аганахьала ажәылара мҩаԥыргеит. Еилаҳаит аҩнеихагыла ду. Еилаҳаит хазхаҭалатәи аҩнқәа рацәаны, аԥхасҭа роуит амашьынақәа.