Радослав Сикорски – Ҳгәы ишаанаго ала,  ақырҭуа жәлар ракәымкәа, арепрессиақәа рзы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа роуп авизатә аҧкрақәа ззышьақәыргылатәу  
Радослав Сикорски – Ҳгәы ишаанаго ала,  ақырҭуа жәлар ракәымкәа, арепрессиақәа рзы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа роуп авизатә аҧкрақәа ззышьақәыргылатәу  

«Ҳгәы ишаанаго ала,  ақырҭуа жәлар рыкәымкәа, арепрессиақәа рзы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа роуп авизатә аҧкрақәа ззышьақәыргылатәу», — иҳәеит Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр  Радослав Сикорски.

Сикорски авизатә либерализациа аанкылара азҵааразы Польша апозициа иадҳәаланы ирҭаз азҵаара аҭак ҟаиҵеит.

«Сара акоммунистцәа рхаан сиит. Усҟангьы авторитартә режим иҟан,  аха,  зны-зынла аҳәаанырцә ацара азин ҳарҭон.  Усҟан ҳара Австриа,  Швециа,  Мраҭашәаратә Берлин уҳәа,  абарҭ атәылақәа ҷыдала рыхә ҳшьон,  избанзар,  авизада анеира азин ҳарҭон.  Ҳгәы ишаанаго ала,  ақырҭуа жәлар рыкәымкәа, арепрессиақәа рзы аҭак зыҧхықәу ахаҿқәа роуп авизатә аҧкрақәа ззышьақәыргылатәу», — иҳәеит  Радослав Сикорски.

Иара иажәақәа рыла, «Польша  Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас лпозициа иақәшаҳаҭуп, уи инақәыршәаны, уажәазы Қырҭтәыла аиҳабыра  агәра ддыргароуп аоппозициаа рышьҭацалара аҟәыҵра шрыхәҭоу».

«Сара Қырҭтәыла ҧасатәи аҧыза-министр сиҧылахьеит, иара изықәдыргылаз ахарадҵара изакәызаалак шьаҭак амам ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара ақырҭуа жәлари Европа ахырхарҭала ирымоу аҽазышәарақәеи ҳрыдгылоит. Қырҭтәыла аиҳабыра алхрақәа раан ауааҧсыра ирырҭаз ажәа нарыгӡап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит  Радослав Сикорски.