Радослав Сикорски  - Украиназы Урыстәыла ажәылара аҭак аҳҭароуп Путин иеиликааша  абызшәала
Радослав Сикорски  - Украиназы Урыстәыла ажәылара аҭак аҳҭароуп Путин иеиликааша  абызшәала

«Украиназы Урыстыла ажәылара аҭак аҳҭароуп Путин иеиликааша  абызшәала», — иҳәеит Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр  Радослав Сикорски.

«Украиназы Урыстыла ажәылара аҭак аҳҭароуп Путин иеиликааша  абызшәала: иара абџьар ҿыц аҟаҵара илымшарц азыҳәан асанкциақәа иаҳа ирџьбаратәуп,  Киев аракетақәа аҳҭароуп, дара акомандатә центрқәа рықәхра рылшарц азыҳәан», — иҩит  Сикорски социалтә аҳаҿы.

Ажьырныҳәа 2 рзы, шьыжьымҭан, Урыстәыла Украина аракетақәа аланажьит. Украина аҳаирмчқәа рнапхгаҩы  Валери Залужни иҳәамҭала, Урыстәыла Украина ахырхарҭала идәықәнаҵеит  99 аракетақәа, урҭ рҟынтә  72 украинаа икарыжьит.

Урыстәыла имҩаҧнагаз зымҽхак дууз ажәылара ашьҭахь, Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба мраҭашәаратә атәылақәа рҟынтә  ақәҿыҭра дазыҧшуп.