Қвемо-Алвании, Мухатгверди аешьаратә нышәынҭреи рҿы, Гьаргь Анҵухелиӡе ҳаҭырла дыргәаладыршәеит
 Қвемо-Алвании, Мухатгверди аешьаратә нышәынҭреи рҿы, Гьаргь Анҵухелиӡе ҳаҭырла дыргәаладыршәеит

Нанҳәа 18  — Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа Гьаргь Анҵухелиӡе имшироуп. Иахьа иара 37 шықәса ихыҵраны дыҟан.

Гьаргь Анҵухелиӡе иҩызцәа, изгәакьоу ақыҭаҿ Қвемо-Алвани иҟоу имемориал аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Гьаргь Анҵухелиӡе ихьӡ зху Асержантцәа ракадемиа ахаҭарнакцәагьы амилаҭтә фырхаҵа дыргәаладыршәеит. Аруаа Мухатгверди иҟоу аешьаратә нышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭаҵаны, ифырхаҵара аҭоурых ргәаладыршәеит. Мухатгверди анышәынҭраҿы иҟан Гьаргь Анҵухелиӡе иуацәагьы.

Қырҭтәыла арбџьармчқәа 41-тәи абаталион  IV ашьаҟатә бригада асержант еиҳабы Гьаргь Анҵухелиӡе Цхинвал атҟәара дырган, цәгьала дыргәаҟны, иааигәыдҵаны дыршьит, насгьы, абри зегьы авидео ала иҭырхит.   2008 шықәса нанҳәа 18 рзы Гьаргь Анҵухелиӡе 24 шықәса ихыҵраны дыҟан. Анҵухелиӡе, иҧсрашьҭахь, Амилаҭтә фырхаҵа ахьӡи, иреиҳаӡоу арратә анашьамҭа –  Вахтанг Горгасали актәи аҩаӡара аордени ианашьан.