Аҧыза-министр Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа Гьаргь Анҵухелиӡе ҳаҭырла дигәалаиршәеит
Аҧыза-министр Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа Гьаргь Анҵухелиӡе ҳаҭырла дигәалаиршәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Гьаргь Анҵухелиӡе имемориал аҿы ашәҭқәа шьҭаҵаны,  2008 шықәсатәи Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьраан иҭахаз амилаҭтә фырхаҵа ҳаҭырла дигәалаиршәеит.  Ахмета амуниципалитет иаҵанакәа Қвемо Алвани ақыҭан иҟоу амемориал аҿы аиҳабыра рнапхгаҩы ицын апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи, аҧсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии, апарламент адепутатцәа – Гела Самхараулии, Давиҭ Сонҕулашвилии, Давиҭ Матикашвилии, Иракли Қадагишвилии, аиҳабыра русмҩаҧгараҿы иҟоу ауаажәлар рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент аиҳабы Лери Барнабишвилии, Кахеҭи арегион аҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнак Иракли Шиошвилии.
Атәылахьчаратә мчқәа асержант еиҵбы Гьаргь Анҵухелиӡе  2008 шықәса нанҳәа 9 рзы, Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьраан иҟалаз ажәыларақәа руакы аан, атҟәара дыргеит. Иара дыргәаҟны дыршьит. 2013 шықәсазы Гьаргь Анҵухелиӡе Амилаҭтә фырхаҵа ахьӡ ианашьан.  Иара убас, иҧсрашьҭахь ианашьан Вахтанг Горгасали I аҩаӡара аордени Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра амедали  – „Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз“.