Қырҭтәылеи  Америкеи рыбжьара ахыхьчара азҵааразы ҩ-ганктәи аконсультациақәа мҩаҧган
Қырҭтәылеи  Америкеи рыбжьара ахыхьчара азҵааразы ҩ-ганктәи аконсультациақәа мҩаҧган

Қырҭтәылеи  Америкеи рыбжьара ахыхьчара азҵааразы ҩ-ганктәи аконсультациақәа мҩаҧган. Убри азыҳәан Қырҭтәыла иаҭааит  Америка атәылахьчара аминистрра аделегациа.

Аделегациа анапхгаҩы, Урыстәылеи, Украинеи, Евразиеи рызҵаарақәа рзы Америка атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Лаура Купер Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе диҧылеит.

Ақырҭуа министр аменрикатә аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит аполитикатәи апрактикатәи ацхырааразы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла имҩаҧгоу ареформақәеи ҳаҧхьаҟа Қырҭтәыла ахыхьчаралшара иаҳа аизырҳара иазку апланқәеи ирылацәажәеит.

Аконсультациақәа рышьҭахь, аганқәа рхаҭарнакцәа, атәылахьчара иазку америка-ақырҭуа инициатива  ҩ-ганктәи аконцепциа рнапы аҵарҩит.

Алидерцәа даҽазнык иаҵшьны иазгәарҭеит  ашәарҭадара иазку азеиҧш интересқәа рыхьчаразы Америкеи Қырҭтәылеи рстратегиатә партниорра аҵакы.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.