Қырҭтәыла раҧхьатәи адырраҭара алагара инаркны 68 шықәса ҵит. Ақырҭуа телехәаҧшра раҧхьатәи апрограмма аефирахь иҭыҵит 1956 шықәса ҧхынҷкәын 30 рзы, қарҭтәи афуникулиор аҿы иргылаз 40 м2 ауаҭах аҟынтә аефирахь иҭыҵит раԥхьаӡатәи асигнал. Ателехәаԥшраҿ аус руан 26-ҩык мацара. Астудиа хәыҷы аҟынтә аефир ахь иҭыҵуаз адырраҭарақәа рхы аладырхәон Галактион Табиӡе, Ирали Абащиӡе, Иосеб Гришашвили, Арнольд Чикобава, Гьаргь Леоинӡе, Гьыргәал Абашиӡе, Нодар Думбаӡе, Мурман Лебаниӡе, Иосеб Нонешвили, Анна Каландаӡе, Серго Зақариаӡе, Сесилиа Ҭаҟаишвили, Верико Анџьаԥариӡе, Медеиа Џьаԥариӡе.
1957 шықәсазы қарҭтәи “Динамо” астадион аҿы́ раԥхьаҿа акәны дыргылеит амобилтә телестанциа. Аматчқәа рҟынтә арепоратжқәа мҩаԥыргон Ероси Манџьгалаӡеи Коте Махараӡеи.
2025 шықәсазы Қырҭтәыла Арадио дырраҭара 100 шықәса ахыҵуеит